Созар Субари - Михаил Саакашвили азыӡба ихигоит,  ажәлар уи рбап
Созар Субари - Михаил Саакашвили азыӡба ихигоит,  ажәлар уи рбап

Аҭыҧантәи ахаланапхгара азҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Созар Субари ишиҳәаз ала, Михаил Саакашвили азыӡба ихигоит,  ажәлар уи рбап.

Субари иажәақәа рыла,  Саакашвили иҟаиҵаз ацәгьаруақәа рымшала,  Қырҭтәыла зегьы раасҭа ишәарҭоу ацәгьауцәа дреиуп.

«Ақырҭа абахҭақәа рҿы иаҳа ихьанҭоу ацәгьаурақәа ҟазҵаз ауааҧсыра рацәоуп. Иарбан тәылазаалак,  уи ҧасатәи ахада ма ҧасатәи аҧыза министр агха хәыҷык ҟаиҵаргьы,  зыҧшра ҟамҵакәа  ашьауҕатә  ҭакҧхықәра идырҵоит.  Саакашвили иҟаиҵаз ацәгьаруақәа рымшала,  Қырҭтәыла зегьы раасҭа ишәарҭоу ацәгьауцәа дреиуп. Иара хымҧада азыӡба ихигоит, ажәлар уи рбап», — иҳәеит  Созар Субари.