Созар Субари – Ҳареи Саломе Зурабишвилии аиашара аиҭашьақәыргылара азҵаара еиҧшымкәа ҳазныҟәоит ҳәа сыҟам
Созар Субари – Ҳареи Саломе Зурабишвилии аиашара аиҭашьақәыргылара азҵаара еиҧшымкәа ҳазныҟәоит ҳәа сыҟам

Аиашара аиҭашьақәыргылара иаанагом аӡәы ацәгьаура ҟаиҵар ахьырхәра иҭатәым ҳәа. Аӡәы даҽаӡәы анажьра ииҭар илшоит,  аха,  уаанӡа хымҧада иазхаҵатәуп  ацәгьаура шыҟаҵаз.  Ҳареи Саломе Зурабишвилии аиашара аиҭашьақәыргылара азҵаара еиҧшымкәа ҳазныҟәоит ҳәа сыҟам», — иҳәеит Арегионалтә политикеи ахаланапхгареи азы акомитет ахантәаҩы Созар Субари Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лҟны аиҧылара ашьҭахь.

Субари ишиҳәаз ала, атәыла ахада еилыккаа  илҳәеит аконсенсус иазку адиалог иаанаго.

«Ҳара арегионқәа рҿы иҟоу апроблемақәа ҳрылацәажәон. Зыӡбахәы ҳәоу аформат бзиоуп.  «Амилаҭтә ҵысра» алидер Ника Мелиа ишиҳәаз ала, дара аҳәара заҵәык ауп ирымоу  — ҧасатәи ахада ихақәиҭтәра. Ҧасатәи ахантәаҩы Григол Вашаӡе  атермин  «аинаалара» иаанаго сзеилкаауам ҳәа иҳәеит.  Мышқәак раҧхьа Саломе Зурабишвили ари аидеиа далацәажәан, ишылҳәаз ала, аконсенсус азы адиалог иалагароуп. Аконсенсус шьаҭас иамоу аадыруеит  — аиашаҳәара, анеҩстәи шьаҿахоит  аиашара ашьақәыргылара. Аиашара аиҭашьақәыргылара иаанагом аӡәы ацәгьаура ҟаиҵар ахьырхәра иҭатәым ҳәа. Аӡәы даҽаӡәы анажьра ииҭар илшоит,  аха,  уаанӡа хымҧада иазхаҵатәуп  ацәгьаура шыҟаҵаз.  Ҳареи Саломе Зурабишвилии аиашара аиҭашьақәыргылара азҵаара еиҧшымкәа ҳазныҟәоит ҳәа сыҟам», — иҳәеит Субари.