«Синовак» алаҵа аҟаҵаразы арегистрациа иалагоит иахьа асааҭ 12:00 рзы
«Синовак» алаҵа аҟаҵаразы арегистрациа иалагоит иахьа асааҭ 12:00 рзы

«Синовак» алаҵа аҟаҵаразы арегистрациа иалагоит иахьа асааҭ 12:00 рзы. Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр аҟынтә ишаарыцҳаз ала, авакцинациа иалагоит лаҵара 24 инаркны.

Авакцина «Синофарм» еиҧшҵәҟьа, авакцина «Синовакгьы», анактивациатә вакциноуп. Адунеи еиуеиҧшым атәылақәа рышҟа инагоуп абри авакцина 260 миллион адозақәа.

«Авакцина «Синовак»  ахәшьара бзиа аиуит Аиммунизациа азы аекспертцәа рстратегиатә консультативтә гәыҧ (The Strategic Advisory Group of Experts on Immunization (SAGE) аҟынтә. Авакцина аҟаҵаразы арегистрациа шәахысроуп асаит  booking.moh.gov.ge аҿы, мамзаргьы аномер  15 22 ала аҭел шәасроуп», — ирҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр аҿы.