Швеицариа ахада Гьаргь Гахариа идиныҳәалеит аҩынтәраан Аҧыза-министрс иалхра
Швеицариа ахада Гьаргь Гахариа идиныҳәалеит аҩынтәраан Аҧыза-министрс иалхра

 

Швеицариатәи аконфедерациа ахада Ги Пармелен Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа идиныҳәалеит аҩынтәраан аиҳабыра рнапхгаҩыс иалхра.

Швеицариа ахада Аҧыза-министр изааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы аҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп Қырҭтәылеи Швеицариеи реизыҟазаашьақәа шыҕәҕәоу. Иара убас, ашәҟәы ишану ала, Швеицариазы ҳаҭыр дууп Урыстәылатәи афедерациаҿы Қырҭтәыла аинтересқәа рыхьчареи Қырҭтәыла аҿиараҿы алагала аҟаҵареи.

„Ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла Аҧыза-министрс аҩынтәраа шәалхра. Ақәҿиара дуқәа шәзеиҕьасшьоит шәнапы иану аҧхықәрақәа рынагӡараҿы, уи штәылаҿы адемократиеи аплиурализми азакәан аиҳаӡареи рыхьчареи, иара убас, аҭынчреи шәтәылауаа рыҧсҭазаашьа аиҕьтәреи азы аҵакы ду амоуп.  Иара убас, Ашықәс Ҿыц шәыдысныҳәалар сҭахуп.  Ҳазҭагылаз ашықәс ҳтәылақәа зегьы рзы анырра цәгьа змаз акоронавирус апандемиа аҵархара шықәсны иҟалааит!

Қырҭтәылеи Швеицариеи аусеицура ҕәҕәа рыбжьоуп. Стәылазы ҳаҭыр дууп Урыстәылатәи афедерациаҿы Қырҭтәыла аинтересқәа рыхьчареи, иара убас,  ақыҭанхамҩеи адемократиатә напхгараҭареи аусхкқәа рҿы зымҽхак дуу аусеицура апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны  шәтәыла аҿиараҿы алагала аҟаҵареи. Швеицариа ибзиаҵәҟьаны еилыркаауеит арегион аҿы аҭынчра ашьақәыргылареи адиалог ацхраареи  азы ҳтәылақәа реиҳабырақәа аҧакҧхықәра ду шрыду.  Шәааи, ҳтәылақәа реиҩызара иаҳа иҳарҕәҕәап.

Акыр иаҧсоу Аҧыза-министр,  акы еиҧшымкәа сшәыҳәоит, ишәзаасырҧшуа патуқәҵара шәыдышәкыларц“, – иануп Швеицариа ахада ишәҟәы аҟны.