Швеицариа ақырҭуа ковид-паспорт азханаҵеит
Швеицариа ақырҭуа ковид-паспорт азханаҵеит

Швеицариа ақырҭуа ковид-паспорт азханаҵеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла иҟоу Швеицариа ацҳаражәҳәарҭа.

Швеицариа Агәабзиарахьчара афедералтә департамент асаит аҿы икьыҧхьу аинформациа инақәыршәаны, Қырҭтәыла Швеицариа зковид-сертификатқәа азханаҵо аҳәынҭқаррақәа реиқәыҧхьаӡа алагалоуп.

Аха, аусбарҭа адыррала, Швеицариа иаҭаауа ауааҧсыра зегьы, ковид-паспорт адагьы, хымҧада аҭыҧаҿы акоронавиурс азы атест ҟарҵароуп.