Швеицариа амедикаментқәа рхылаԥшразы аусҳәарҭа "Фаизери" "Бионтеки" рвакцина ахархәара иақәшаҳаҭхеит
Швеицариа амедикаментқәа рхылаԥшразы аусҳәарҭа "Фаизери" "Бионтеки" рвакцина ахархәара иақәшаҳаҭхеит

Швеицариа амедикаментқәа рхылаԥшразы аусҳәарҭа “Фаизери” “Бионтеки” рвакцина ахархәара иақәшаҳаҭхеит.

Аусҳәасҭа аинформациа аҿы ишану ала, алаҵа аҩбатәи аиниекциа бжьымш рышьҭахь апрепарат аефектра 90%  иреиҳан.

Швеицариа амедикаментқәа рхылаԥшразы аусҳәарҭаҿ еилахәырақәа “Модернеи” “Астразенекеи” ралаҵақәа ирызку арзаҳалгьы иахәаԥшуеит.

“Фаизер” алаҵа ауааԥсыра рзыҟарҵахьеит Британиа Дуи, ЕАШ-и, Канадеи, Мексике, Бахреини, Саудтәи Аравиеи рҿы.