Шарль Мишель Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рахь ааԥхьара ҟаиҵеит адеескалациа мҩаԥыргарц
Шарль Мишель Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рахь ааԥхьара ҟаиҵеит адеескалациа мҩаԥыргарц

Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рахь ааԥхьара ҟаиҵеит адеескалациа мҩаԥыргарц. Ари атәы Шарль Мишель “Твиттер” аҿы иҩит.

“Иахьа аҭыԥ змаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рхадацәа рҟны имҩаԥызгаз адискуссиа ашьҭахь, аганқәа рахь ааԥхьара ҟасҵоит адеескалациа мҩаԥыргарц, ахымца ааныркыларц. Арегион аҟны аҭагылазаашьа мариам, аимак аҭыԥқәҵареи иҭышәынтәылоу ишәҭыкакаҷуа Аахаҵ Кавкази рзы  Евроеидгыла апартниорцәа рҟны аусеицура нанагӡоит,” – иҩит Европатәи ахеилак ахада.