Шарль Мишель Қырҭтәыла даҭааит
Шарль Мишель Қырҭтәыла даҭааит

 

Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель Қырҭтәыла даҭааит.

Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы иара иҧылеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцели,  адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании, Аҷаратәи автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩы Ҭорнике Рижваӡеи.

Шарль Мишель  Қырҭтәыла даҭааит атәыла ахада Саломе Зурабишвили лааҧхьара ала.

Уаҵәы, Европатәи Ахеилак ахада, Баҭымтәи жәларбжьаратәи аконференциа ихы алаирхәоит. Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, Евроеидгылаҟны ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра змоу  «Мрагыларатә партниорра» атәылақәа рлидерцәа реиҧылара мҩаҧысуеит. Иара убас, Шарль Мишель ақырҭуа оппозициеи анапхгаратә гәыҧи дырҧылараны дыҟоуп.