Шарль Мишель ианиҧылоз, аоппозициаа изаамҭаным алхрақәа ирыдҳәаланы аплебисцит иалацәажәон
Шарль Мишель ианиҧылоз, аоппозициаа изаамҭаным алхрақәа ирыдҳәаланы аплебисцит иалацәажәон

«Европатәи Қырҭтәыла» алахәыла Гига Бокериа ишиҳәаз ала, Европа Ахеилак ахада Шарль Мишель ианиҧылоз, аплебисцит азҵаара иалацәажәеит.

Бокериа иажәақәа рыла,  изаамҭаным алхрақәа ирыдҳәалоу аплебисцит акомпромисстә ажәалагалоуп.

««Европатәи Қырҭтәыла» алахәылацәа ари азҵаара уаанӡагьы иалацәажәон.  Аплебисцит азҵаара ҵакыс иамоу абри ауп: изаамҭаным алхрақәа мҩаҧгазароуп аконкреттә рыцхә азы.

Ҳәарада, аплебисцит мҩаҧгазароуп ииашоу аҭагылазаашьаҿы, аполитикатә ашьҭацалара аҵыхәа ҧҵәатәуп, аполитбаандаҩцәа рхы иақәиҭзароуп. Ари ажәалагала акомпромисстә ҟазшьа амоуп», — иҳәеит Гига Бокериа.