Шарль Мишель – Евроеидгыла Қырҭтәыла иадгылар аҭахуп
Шарль Мишель – Евроеидгыла Қырҭтәыла иадгылар аҭахуп

Аиҩызара иазку аацамҭа шәзаасгеит Евроеидгыла аҟынтә, – иҳәеит Европа ахеилак ахада Шарль Мишель Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лҟны аиԥылара ашьҭахь.

«Иахьатәи аиԥылара апартниорра иазкны аацамҭоуп Евроеидгыла аҟынтә арегион атәылақәа рзы. Евроеидгыла Қырҭтәыла адгылареи, асуверенитети, атерриториатә акзаареи рыхьчара аҭахуп. Амбициа змоу шәреформақәеи рыдгылоит, апандемиа аҿагылараан иҟашәҵаз иџьоушьаратәы иҟоуп. Даҽазнык иазгәасҭарц сҭахуп аиҩызара иазку аацамҭа Евроеидгыла аҟынтә ахьшәзаасгаз,» – иҳәеит Шарль Мишель.

Қырҭтәыла визитла иҟоу Европатәи ахеилак ахада иахьа аофициалтә аиԥыларақәа мҩаԥигоит.

Апланқәа ирылоуп Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии, апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡеи, аполитикатә партиақәа рхаҭарнакҵәеи рҟны аиԥыларақәа.

Европатәи ахеилак ахада ақыҭа Хурвалеҭи иҟоу ампықахаларатә цәаҳәашҟа днеиуеит, иара убас ихы алаирхәоит Евроеидгыла ахаҭарнакра аофис ҿыц аартра ацеремониа.

Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель ивизит хәажәкыра 2 рзы ихыркәшоит.