Шарль Мишель - Аҭынчреи, аҭышәынтәалареи ашәҭыкакаҷреи ҳҭахызар, агәылацәа рҟны аусеицура ҳалшароуп, аҭоурых ари ибзиаӡаны иаҳнарбеит
Шарль Мишель - Аҭынчреи, аҭышәынтәалареи ашәҭыкакаҷреи ҳҭахызар, агәылацәа рҟны аусеицура ҳалшароуп, аҭоурых ари ибзиаӡаны иаҳнарбеит

Аҭынчреи, аҭышәынтәалареи ашәҭыкакаҷреи ҳҭахызар, агәылацәа рҟны аусеицура ҳалшароуп, аҭоурых ари ибзиаӡаны иаҳнарбеит, – иҳәеит Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель Мрагыларатә партниорра атәылауаҩратә уаажәларра рфорум аҿы данықәгылоз.

Мишель иажәақәа рыла, аполитикатә усеицуреи адемократиатә реформақәеи нагҿахароуп.

Иара убас, Шарль Мишель ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла апланқәа ирылоу ареформақәа хымԥада мҩаԥгатәуп.

“Қырҭтәыла апланқәа ирылоу ареформақәа хымԥада мҩаԥгатәуп. Мрагыларатә партниорра аганахьала иҟоу ааԥхьарақәа ҳаидгыланы ҳарҿагылароуп, ари арегионтә усеицурала ҳалшоит. Аԥшьгарақәа рыдгылара иабзоураны апартнорцәа рыбжьара асинергиа ӷәӷәахоит. Уари иаҳҳәарц ҳалшоит ассоциациа змоу трио – Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи иадҳәаланы. Иҟоу ахархәагақәа зегьы рыла арҭ атәылақәа руаажәларрақәа ҳрыдгылароуп, ари апартниорреи аҭышәынтәалареи ирыхәап ҳәа ҳгәы иаанагоит. Аиҳабыра атәылауаҩратә уаажәларра аҿаԥхьа аҭакԥхықәра амоуп. 2020 шықәса рышьҭахь зҵаара хаданы иқәҳаргылоит аиҭашьақәыргылара, арӷәӷәара, ареформақәа. Апандемиа ашьҭахьтәи аиҭашьақәаргыларазы апланқәа ирылоуп 2 миллиард евро амобилизациа. Ашьаҭатәи ҳхәынаӡарақәа роуп – ауаҩытәыҩса изинқәеи, азакәан аиҳаӡареи, адемократиатә ҭакԥхықәреи, агендертә аиҟарареи,” – иҳәеит Европа ахеилак ахада.