Шәамахьтәыла иахьа изаамҭаным апарламенттә алхрақәа мҩаԥысуеит
Шәамахьтәыла иахьа изаамҭаным апарламенттә алхрақәа мҩаԥысуеит

Шәамахьтәыла иахьа изаамҭаным апарламенттә алхрақәа мҩаԥысуеит.  Рашәара 20 рзы имҩаԥысуа алхрақәа ирылахәып 25 апартиақәеи аблокқәеи. Амилаҭтә еизара алаларазы апартиақәа 5% иаҟароу абариер, аблокқәа 7% иаҟароу абариер иахысроуп.

Аих рдыррақәа рыла, аҭыԥнтәи асоциологиатә центр MPG ltd мҩаԥнагаз аҭҵара инақәыршәаны, атәыла ԥасатәи ахада Роберт Кочариан дызхагылоу аблок “Ҳаиасҭан” (Шәамахьтәыла), алхыҩцәа 24,1 % рыбжьқәа роуеит, Никол Ԥашиниан иблок – 23,8%. Ахԥатәи аҭыԥ ааннакылоит Серж Саркисиан иблок – 7.4%.

Алхрақәа 208 алхырҭа ҭыԥқәа рҿы иҩаԥысуеит, урҭ асааҭ 08:00 иалаганы, асааҭ 20:00 рзы ихыркәшахоит.