Шәамахьтәыла ацентртә алхратә комиссиа аҿы абжьқәа рыԥхьаӡара хыркәшоуп - 53.92% рыла Никол Ԥашиниан аԥхьагылара имоуп
Шәамахьтәыла ацентртә алхратә комиссиа аҿы абжьқәа рыԥхьаӡара хыркәшоуп - 53.92% рыла Никол Ԥашиниан аԥхьагылара имоуп

Шәамахьтәыла ацентртә алхратә комиссиа аҿы изаамҭаным апарламенттә алхрақәа рыбжьқәа рыԥхьаӡара хыркәшоуп. Аих рдыррақәа рыла, 53.92% рыла Никол Ԥашиниан ипартиа аԥхьагылара амоуп.

Аофициалтә дырраа рыла, аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит ԥасатәи ахада Роберт Қочариан иблок “Шәамахьтәыла” – 21.04%, Шәамахьтәыла ацентртә алхратә комиссиа адыррақәа рыла, ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит даҽа ԥасатәи ахада Серж Сарқсиан иблок  –5.23%.

Гагик Ҵарукиан ипартиа абжьқәа 3.96% аиуит.