Шәамахьтәыла акоронавирус  1 482  афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 25ҩык апациентцәа иҧсит
Шәамахьтәыла акоронавирус 1 482  афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 25ҩык апациентцәа иҧсит

Аҵыхтәантәи 24 сааҭ рыла Шәамахьтәыла акоронавирус  1 482  афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 25ҩык апациентцәа иҧсит. Ари аинформациа аланарҵәеит атәыла Агәабзиарахьчара аминистрра.

Уажәазы атәылаҿы акоронаинфекциа аҟынтә рҽырыхәшәтәуеит  40 140ҩык.

Иахьа уажәраанӡа Шәамахьтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп  117 337ҩык, урҭ рҟынтә  1763ҩык апациентцәа иҧсит. Шәамахьтәыла акарантин рыларҳәеит, уи нагӡахоит  2021 шықәсанӡа.