Шалва Папуашвили -  Михаил Саакашвилии Гьаргь Гахариеи  Вашингтон еиҧылеит ҳәа сгәы иаанагоит  
Шалва Папуашвили -  Михаил Саакашвилии Гьаргь Гахариеи  Вашингтон еиҧылеит ҳәа сгәы иаанагоит  

 

Михаил Саакашвилии Гьаргь Гахариеи  Вашингтон еиҧылеит ҳәа сгәы иаанагоит, — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент аҿы иҟоу аҵара азҵаарақәа рзы акомитет ахантәаҩы  Шалва Папуашвили.

«Ҳара Михаил Саакашвили Вашингтон дшыҟаз зыршаҳауа авидеокадрқәа аабеит, Гьаргь Гахариагьы убри аамҭазы уаҟа дыҟан. Дара еиҧылеит ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳара уаанӡагьы иаҳҳәахьан Гьаргь Гахариа  ила анапынҵақәа рышьҭаҵареи аполитикашҟа ихынҳәреи   «Амилаҭтә ҵысра» иахәоит ҳәа.  Михаил Саакашвили Гьаргь Гахариа диҧыларцаз амҩа хара дахысит, дара крыҵазкәа азҵаарақәа ирылацәажәар ҟалап», — иҳәеит  Шалва Папуашвили.