Шьалуа Папуашвили – Ҳҽазышәарақәеи, ҳусқәеи, ҳҳәамҭақәеи Украинаҿ аибашьра ашәарҭара аҧыхра иазкызароуп, уи арегион зегьы аинтересқәа ирыҵанакуеит
Шьалуа Папуашвили – Ҳҽазышәарақәеи, ҳусқәеи, ҳҳәамҭақәеи Украинаҿ аибашьра ашәарҭара аҧыхра иазкызароуп, уи арегион зегьы аинтересқәа ирыҵанакуеит

Аешьаратә Украина адгылара азаасырҧшыр сҭахуп атәыла ахьыҧшымреи ажәлар ршәарҭадареи азҵаараҿы, — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили абиуро аилатәараҿы.

Иара иажәақәа рыла, Украинаҿ аибашьра ашәарҭара аҧыхра арегион зегьы аинтересқәа ирыҵанакәеит, ари азҵаараҿы Мраҭашәара акзаара аҵакы ду амоуп.

  «Тәылак ала даҽа тәылак ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи аилагара ҟалом. Иахьазы ҳазынтәгьы хықәкык ауп иҳамоу  – Украинаҿ аибашьра ашәарҭара аҧыхра. Ҳҽазышәарақәеи, ҳусқәеи, ҳҳәамҭақәеи абри ахықәкы иазкызароуп. Избанзар, уи Украина мацара акәымкәа, Қырҭтәылагьы, инеизакны арегионгьы аинтересқәа ирыҵанакуеит.  Украина аибашьра ҟамларцаз Мраҭашәара зегьы еидгылароуп», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.