Сергеи Лавров – Урыстәыла ала иҟаҵаз ажәалагала ала иазҧхьагәаҭоуп Болгариеи Румынтәылеи рҟынтә НАТО арбџьармчқәа ралгара
Сергеи Лавров – Урыстәыла ала иҟаҵаз ажәалагала ала иазҧхьагәаҭоуп Болгариеи Румынтәылеи рҟынтә НАТО арбџьармчқәа ралгара

 

«Урыстәыла ала иҟаҵаз ажәалагала ала иазҧхьагәаҭоуп  1997 шықәсазы Алианс иалалаз Болгариеи Румынтәылеи рҟынтә НАТО арбџьармчқәа ралгара», — иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

Иара иажәақәа рыла, араҟа 1997 шықәсанӡа НАТО иаламыз аҳәынҭқаррақәа рҟынтә атәым арбџьармчқәеи атехникеи ралгара ауп излацәажәо,  Лавров иҳәамҭала,  ас еиҧш иҟоу атәылақәа иреиуп Болгариеи Румынтәылеи.

Ҵыҧх, ҧхынҷкәын 17 рзы, Урыстәыла ицәырнагеит ашәарҭадара азҵааразы Америкеи НАТОи рҟны аиқәшаҳаҭрақәа рпроектқәа. Лымкаала, Москва  мраҭашәаратә партниорцәа рҟынтә иаҳәоит мрагыларахьала НАТО арҭбаареи, Украина НАТО алалареи, ҧасатәи асоветтә ҳәынҭқаррақәа рҿы арратә базақәа рыргылареи  мап ацәкра.