Сергеи Лавров - Қырҭтәылеи Украинеи Нато иалалоит ҳәа Бухаресттәи асаммит аӡбара Европа ашәарҭадара аконструкциазы тҟәацгоуп
Сергеи Лавров - Қырҭтәылеи Украинеи Нато иалалоит ҳәа Бухаресттәи асаммит аӡбара Европа ашәарҭадара аконструкциазы тҟәацгоуп

Қырҭтәылеи Украинеи Нато иалалоит ҳәа 2008 шықәсазы Бухаресттәи асаммит аҿы ирыдыркылаз аӡбара Европа ашәарҭадара аконструкциазы тҟәацгоуп, – иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

Лавров иажәақәа рыла, знык, 2008 ари атҟәацга тҟәацхьеит.

“Знык, 2008 шықәсазы аҭагылазаашьа тҟәацхьеит, усҟан аперспектива аеифориаҿ иҟаз Саакашвили авантиура амҩаԥгара иақәикит, уи Қырҭтәылеи Европеи ршәарҭадара ҭагылазаашьа рзы иҽеиз ҳәа акгьы ахылымҵит.

Бухаресттәи асаммит аӡбара ҿырԥштәыс аазго ауаа амца иалахәмаруеит Нато арҭбаара азҵаараҿ ахԥатәи аган апозициа аарԥшра зин амаӡам ҳәа анырҳәо. Алшоит, аха ари ирзеилкаауам,” – иҳәеит Лавров.