Сергеи Лавров - ЕАШ-и Нато амаӡаныҟәгаҩ хадеи Урыстәыла ажәа арҭеит Москва ашәарҭадаратә хәдықәҵарақәа рзы иҟанаҵаз ажәалагалақәа рҭакқәа иҩны шырзаарышьҭуа
Сергеи Лавров - ЕАШ-и Нато амаӡаныҟәгаҩ хадеи Урыстәыла ажәа арҭеит Москва ашәарҭадаратә хәдықәҵарақәа рзы иҟанаҵаз ажәалагалақәа рҭакқәа иҩны шырзаарышьҭуа

ЕАШ-и Нато амаӡаныҟәгаҩ хадеи Урыстәыла ажәа арҭеит Москва ашәарҭадаратә хәдықәҵарақәа рзы иҟанаҵаз ажәалагалақәа рҭакқәа иҩны шырзаарышьҭуа, – иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусҳәарҭа анапхгаҩы иажәақәа рыла, Москва ЕАШ-и Натои рҭак иазыԥшуп, наҟ-наҟтәи ашьаҿақәа ари аҭак иадҳәалоуп.

Аурыс дипломат иажәақәа рыла, Урыстәыла аанарԥшыз ахатә позициа аргументқәа ирыцын, мраҭашәара аригументқәа амам. Лавров ишазгәеиҭаз ала, ԥаса ЕАШ-и Британиа дуи Москв ажәа арҭеит НАТО Мрагыларахь арҭбаара алмыршара атәы.