Сақстат- 2021 шықәса ажьырныҳәа-хәажәкыра рзы Қырҭтәылантә араса аекспорт 107.0% рыла иазҳаит
Сақстат- 2021 шықәса ажьырныҳәа-хәажәкыра рзы Қырҭтәылантә араса аекспорт 107.0% рыла иазҳаит

Астатистика амилаҭтә маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла, 2021 шықәса ажьырныҳәа-хәажәкыра рзы аҭыԥынтәи аекспорт аҿы актәи аҭыԥ ааннакылеит абҩатә маденқәеи аконцетратқәеи – 158.8 млн америкатәи адоллар (аекспорт аҟынтә 26.2%).

Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит ферро еиларҭәақәа – 83.7 млн адоллар (аекспорт аҟынтә 13.8). Ахԥатәи аҭыԥ аннакылоит анатуралтә ажь иалху аҩқәа – 43.7 млн адоллар- 7.2%.

Иара убас, Астатистика амилаҭтә маҵзура адыррақәа рыла, Қырҭтәылантә арасеи акакани рекспорт 107.0% рыла иазҳаит – 3,9 млн адоллар.

Астатистика амилаҭтә маҵзура аинформациа инақәыршәаны, 2021 шықәса ажьырныҳәа-хәажәкыра рзы аекспорт иазҳаит 5.2% рыла.