Самебатәи акафедралтә ныхабааҿ аҳкәажә Қеҭеван иԥшьоу лыбаҩқәа акҿаҵара ацеремониа ацеремониа мҩаԥысуеит
Самебатәи акафедралтә ныхабааҿ аҳкәажә Қеҭеван иԥшьоу лыбаҩқәа акҿаҵара ацеремониа ацеремониа мҩаԥысуеит

Индиатәи Аиҳабырантә Қырҭтәыла ҳамҭас аиуз иԥшьоу агәаҟҩы ду аҳкәажә Қеҭеван  иԥшьоу лыбаҩқәа иахьа, асааҭ 14:00 рзы Самебатәи акафедралтә ныхабахь инаргоит. Қырҭтәыла апатриархиа адыррақәа рыла, иԥшьоу агәаҟҩы ду аҳкәажә Қеҭеван иԥшьоу лыбаҩқәа акҿаҵара инамаданы апараклис мҩаԥигоит Қырҭтәыла акатоликос-патриарх Илиа аҩбатәи.

Қырҭтәыла апатриархиа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, ацеремониа ихы алаирхәоит Қырҭтәыла раԥхьӡатәи аофициалтә визитла иҟоу Индиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Субрахманиам Џьаишанкари. Уи, Индиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр, Индиа Аԥыза-министр иӡбамҭа инақәыршәаны, Қырҭтәыла ааигеит иԥшьоу агәаҟҩы ду аҳкәажә Қеҭеван  иԥшьоу лыбаҩқәа.