Саломе Зурабишвилии Владимир Зеленскии ҭелла еицәажәеит
Саломе Зурабишвилии Владимир Зеленскии ҭелла еицәажәеит

Иахьа Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии Украина ахада  Владимир Зеленскии ҭелла еицәажәеит.

Ари атәы аарыцҳаит атәыла ахада лпрессмаҵзура аҟынтә.

Дара иаладырҵәаз аинформациа ишану ала,  Қырҭтәыла ахада, Ҟрым, урыстәыла -украинатә аҳәааҿы аҭагылазаашьа дшаргәамҵуа иазгәаҭаны, даҽазнык ишьақәлырҕәҕәеит Украина дшадгыло.

«Саломе Зурабишвили  иаҵшьын иазгәалҭеит Украина апровокациақәа ирҿагыланы, иаҳзеиҧшу ашәарҭадара еиқәзыршәаша ахырхарҭа заҵәы  — евроатлантикатә интеграциа амҩа ианыланы ҧхьаҟацара ишахәҭоу.

Атәылақәа рхадацәа Амшын Еиқәа ашәарҭадара азҵаара аҵакы иазгәаҭаны, ишырҳәаз ала,  НАТО – Евроеидгыла асаммит аҿы  Қырҭтәылеи Украинеи дара ирзеиҧшу ахықәкы иқәдыргылароуп.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ишеиқәшаҳаҭхаз ала, Қырҭтәыла ахада Украина имҩаҧылгараны иҟоу авизит  рхы иадырхәоит абарҭ азҵаарақәа аус рыдуларазы», — иануп аинформациаҿы.