Саломе Зурабишвилии Кристиан Даниельсони Орбелианиаа рхан аҿы еиҧылоит  [авидео]

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили,  Орбелианиаа рхан аҿы,  Европатәи Ахеилак ахада ихатә хаҭарнак Кристиан Даниельсон диҧылоит.

Ахада лхан аҿы имҩаҧысуа аиҧылара далахәып Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакгьы.

Аиҧылара акадрқәа аланарҵәеит Қырҭтәыла ахада лпрессмаҵзура.

Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель ихатә хаҭарнак Даниельсон, Евроеидгыла абжьацәажәара ала имҩаҧысуа аполитикатә диалог аҽалархәра амзызла, иахьа хымштәи авизит ала Қырҭтәыла даҭааит.