Саломе Зурабишвили,  хаҭала,  ателеҭыхҩы Леқсо Лашкарава  иҭаацәара дрыдашшылеит
Саломе Зурабишвили,  хаҭала,  ателеҭыхҩы Леқсо Лашкарава  иҭаацәара дрыдашшылеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  ателехыҭҩы Леқсо Лашкарава дзыҩназ ауадашҟа днеины,  хаҭала иҭаацәара дрыдашшылеит.

Рашәара 5 рзы иҟалаз ахҭысқәа раан цәгьала ирпҟаз ателееилахәыра «Пирвели» аҭыхҩы Леқсо Лашкарава иахьа шьыжьымҭан дыҧсит.

Иҧсра зыхҟьаз макьана еилкаам.

Леқсо Лашкарава  мышқәак ахәышәтәырҭа дҭан,  нас,  аҩныҟа доурыжьҭит.

Ателеҭыхҩы иҧсра афакт азы аусеилыргара иалагахьеит.