Саломе Зурабишвили – Сгәы ишаанаго ала,  2008  шықәсатәи аибашьра ашьҭахь  лабҿаба иубарҭахеит Қырҭтәыла ахьчаразы аӡәгьы аибашьра дшаламго
Саломе Зурабишвили – Сгәы ишаанаго ала,  2008  шықәсатәи аибашьра ашьҭахь  лабҿаба иубарҭахеит Қырҭтәыла ахьчаразы аӡәгьы аибашьра дшаламго

Сгәы ишаанаго ала,  2008 шықәсатәи аибашьра ашьҭахь лабҿаба иубарҭахеит Қырҭтәыла ахьчаразы аӡәгьы аибашьра дшаламго. Аибашьраангьы уи ашьҭахьгьы ҳамчқәа шеиҟрамзгьы,  Қырҭтәылазы зегьы реиҳа зҵакы дуу  аиааира  — европатәи ахырхарҭа ахьчара ауп, — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Парижтәи Аҭынчра афорум аҿы данықәгылоз. Иахьатәи апанель темас иаман  «Аҭынчратә аҧеиҧш азы жәларбжьаратәи аусеицура адгылара».

Саломе Зурабишвили апанель амодератор изҵаара аҭак алҭеит. Иара ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла ахатә хьыҧшымреи ашәарҭадареи  ахьчаразы ахатә роль нанагӡароуп.

Зурабишвили ишазгәалҭаз ала, абри азҵаараҿы перспектива зацәык ауп иҟоу  — Европа азааигәахара,  иахьа Урыстәыла ахархәагақәа зегьы, анегативтә мчқәагьы рхархәара ишаҿу еилызкаауа Европа азааигәахара.

«Сгәы ишаанаго ала,  2008 шықәсатәи аибашьра ашьҭахь лабҿаба иубарҭахеит Қырҭтәыла ахьчаразы аӡәгьы аибашьра дшаламго. Аибашьраангьы уи ашьҭахьгьы ҳамчқәа шеиҟрамзгьы,  Қырҭтәылазы зегьы реиҳа зҵакы дуу  аиааира  — европатәи ахырхарҭа ахьчара ауп. Урыстәыла ҳҵакырадгьылқәа рымпыҵахалареи Қырҭтәыла ажәылареи ала абри астратегиатә алхра аҟаҵараҿы иаҳҧырхагахар аҭахызар,  уи рзыҟамҵеит. Ишысҳәаз еиҧш,  абри азҵаараҿы перспектива зацәык ауп иҟоу  — Европа азааигәахара,  иахьа Урыстәыла ахархәагақәа зегьы, анегативтә мчқәагьы рхархәара ишаҿу еилызкаауа Европа азааигәахара», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.