Саломе Зурабишвили -  Қырҭтәыла апартниорцәа зегьы ҳтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит, ҳара ҳзы уи иаҵанакәа рацәоуп  
Саломе Зурабишвили -  Қырҭтәыла апартниорцәа зегьы ҳтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит, ҳара ҳзы уи иаҵанакәа рацәоуп  

Қырҭтәыла ахадеи НАТО амаӡаныҟәгаҩ хадеи еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы Саломе Зурабишвили ишылҳәаз ала,  Қырҭтәыла  имҩаҧысуа азеиҧш азыҟаҵарақәеи, ахыхьчара аусхкы аҿы аусеицура арҕәҕәареи, Амшын еиқәа ашҟа НАТО аҕбақәа рҭалареи  Қырҭтәылазы  иаҵанакәа рацәоуп.

«Қырҭтәыла апартниорцәа зегьы ҳтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит, ҳара ҳзы уи иаҵанакәа рацәоуп. Ҳаҭыр зқәу амаӡаныҟәгаҩ хада,  абри аҩыза адгылареи, ҳтәыла ахыхьчаралшара арҕәҕәареи,  НАТО алаларазы иаҭаху астандартқәа реиқәыршәара иазку апрактикатә хархәагақәа рырҭбааареи азы  ҳшәаҭабууп.  Ҳара ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаауеит НАТО-Қырҭтәылатәи азеиҧш арратә азыҟаҵарақәа ҳтәылаҿы рымҩаҧгара ҳара ҳзы ҵакыс иамоу.  Апандемиа шыҟоугьы, НАТО аҕбақәа  ҳбаҕәазақәа ирҭалоит, ҳара уи ахә ҳшьоит.  Аколлективтә шәарҭадара аус аҿы  ҳахәҭа наҳагӡоит.  Иахьа, зеиҧшҟамлац ала, ҳалшарақәа рырҕәҕәара ҳазыхиоуп, ҳтәыла агәра ахьыжәго азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.