Саломе Зурабишвили  Қырҭтәыла апарламенттә комитетқәа рхантәаҩцәа дырҧылеит
Саломе Зурабишвили  Қырҭтәыла апарламенттә комитетқәа рхантәаҩцәа дырҧылеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи европатәи интеграциеи азы акомитетқәа рнапхгаҩцәа Николоз Самхараӡеи Мака Боҷоришвилии дырҧылеит.

Ари атәы аарыцҳаит атәыла ахада лусмҩаҧгарҭа апрессмаҵзура аҟынтә.

Аинформациа ишану ала, аиҧылараҿы атәыла ахада Бриуссель имҩаҧылгараны иҟоу авизит иалацәажәеит.