Саломе Зурабишвили -  Қырҭтәыла, ҭоурыхла иамаз амедиатор ироль иазыхынҳәуеит, Америкеи Евроеидгылеи Кавказҟа ихынҳәуеит
Саломе Зурабишвили -  Қырҭтәыла, ҭоурыхла иамаз амедиатор ироль иазыхынҳәуеит, Америкеи Евроеидгылеи Кавказҟа ихынҳәуеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили,  Қарабахтәи аибашьраан азербаишьантәи аган атҟәара иргаз  15ҩык Шәамахьтәыла атәылауаа рхақәиҭтәра афакт дахцәажәан, Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  абжьацәажәараҿы имаз ақәҿиара   идиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Иракли,  Шәамахьтәылеи Азербаишьани ргуманитартә еиқәшаҳаҭхара аус аҿы ишәымаз ақәҿиара шәыдысныҳәалоит.  Қырҭтәыла, ҭоурыхла иамаз амедиатор ироль иазыхынҳәуеит, Америкеи Евроеидгылеи Кавказҟа ихынҳәуеит.  Агәреибагара ашьақәыргылара  — аҭынчранӡа ҳназго мчуп», — илҩит Саломе Зурабишвили  Twitter аҿы.

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ибжьацәажәареи Филипп Рикер иҽалархәреи абзоурала, азербаиџьантәи аган, Ҟарабахтәи еибашьраан атҟәара иргаз 15ҩык Шәамахьтәыла атәылауаа иоурыжьҭит.