Саломе Зурабишвили  Парижтәи Аҭынчра афорум лхы алалырхәоит
Саломе Зурабишвили  Парижтәи Аҭынчра афорум лхы алалырхәоит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  аусуратә визитла Франциа  даҭааит, иахьа лара Парижтәи Аҭынчра афорум лхы алалырхәоит.

Парижтәи Аҭынчра афорум аофициалтә церемониа аадыртуеит Франциа ахада Еммануел Макрони Америка авице-ахада Камала Ҳарриси.

Афорум рхы аладырхәит 53 ҳәынҭқарра рлидерцәа, урҭ иреиуп: Естониа ахада Алар Карис, Исландиа ахада  Гудни Иоханнесон, Молдова ахада  Маиа Санду, Словениа ахада  Борут Пахор.

Иахьа Қырҭтәыла ахада Парижтәи Аҭынчра афорум апанельқәа руакы  — «Аҭынчратә аҧеиҧш азы жәларбжьаратәи аусеицура ахьчара» (Preserving International Cooperation in the Age of Unpeace) аҿы дықәгылоит.

Иара убас, Қырҭтәыла ахада, Парижтәи Аҭынчра афорум иалахәы аҳәынҭқаррақәа рнапхгаҩцәа раҳаҭыр аҟынтә Франциа ахада Еммануел Макрон ихьӡала имҩаҧгахо аофициалтә адкылара лхы алалырхәоит.