Саломе Зурабишвили  Орбелианиаа рхан аҿы Нино Ломџьариа дылҧылоит
Саломе Зурабишвили  Орбелианиаа рхан аҿы Нино Ломџьариа дылҧылоит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  Орбелианиаа рхан аҿы Жәлар рыхьчаҩ  Нино Ломџьариа дылҧылоит.

Аиҧылара иалаганӡа Нино Ломџьариа ажурналистцәа ишралҳәаз ала, атәыла ахада длацәажәоит Қарҭ иҟалаз ахҭысқәа ирызкны.

«Иахь атәыла ахада сылҭааит ужәазы атәылаҿы иҟоу аҭагылазаашьа сшаргәамҵуа ласҳәарц азыҳәан.  Ишыжәдыруа ала,  аҵыхәтәантәи амшқәа рзы сара изныкымкәа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррахь ааҧхьра ҟасҵахьеит еиҿкаау ажәылара аиҿкааҩцәа раарҧшразы аусеилыргара иалагарц.  Атәыла ахада ари азҵааразы лгәы иаанаго еилыскаар сҭахуп.  Сгәы ишаанаго ала,  атәыла ахада, егьырҭ аполитикцәа дреиҧшымкәа,  ҧхынгәы 5 рзы иҟалаз ахҭысқәа ииашаны дрыхцәажәеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы иҟаиҵаз аҳәамҭазы лгәы иаанаго еилыскаар сҭахуп», — илҳәеит Нино Ломџьариа.