Саломе Зурабишвили НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада диҧыеит
Саломе Зурабишвили НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада диҧыеит

Қырҭтәыла —  НАТО азы крызҵазкәа апартниорцәа иреиуп.  Ҳара аполитикатә партниорра ҕәҕәеи апарктикатә усеицуреи ҳабжьоуп, — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии  иареи реиҧылара ашьҭахь еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы.

«Қырҭтәыла —  НАТО азы крызҵазкәа апартниорцәа иреиуп.  Ҳара аполитикатә партниорра ҕәҕәеи апарктикатә усеицуреи ҳабжьоуп. Акоронавирус апандемиа иадҳәаланы апроблемақәа шырацәоугьы,   НАТОи Қырҭтәылеи рпартниорра арҕәҕәара иаҿуп.  НАТО – Қырҭтәылатәи акомиссиа иахьатәи аилатәараҿы ҳара иахьанӡа иҳамаз ақәҿиарақәа ахәшьара рыҭаны,  ҳаҧхьаҟа иҟаҳҵаша ҳалацәажәоит. Ҵыҧх НАТО – Қырҭтәылатәи апакет ҳарҭбааит, уи Қырҭтәыла ареформақәа рымҩаҧгареи, аусеицура арҕәҕәареи, азеиҧш шәарҭадара аус аҿы алагала аҟаҵареи  иацхраауеит.

Иахьатәи ҳаиҧылараҿы сареи Қырҭтәыла ахадеи атренингқәеи арратә азыҟаҵарақәеи, амшын аҿы ашәарҭадара арҕәҕәареи ҳалацәажәеит. Ҷыдала ҳазааҭгылеит Амшын еиқәа арегион аҿы ашәарҭадара аиқәыршәара азҵаара. НАТО Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара иадгылоит. Ҳара Урыстәылахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни рхьыҧшымра азхаҵара  иазку аӡбара аҧырхны, рырбџьармчқәа Қырҭтәыла алыргарц», — иҳәеит Иенс Столтенберг.