Саломе Зурабишвили -  Литва асахьала аҩыза ҕәҕәа дҳамоуп,  уи ҳтәылазы  иаҵанакәа рацәоуп
Саломе Зурабишвили -  Литва асахьала аҩыза ҕәҕәа дҳамоуп,  уи ҳтәылазы  иаҵанакәа рацәоуп

«Литва асахаьала аҩыза ҕәҕәа дҳамоуп,  уи ҳтәылазы  иаҵанакәа рацәоуп», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Литва ахада  Гитанас Науседеи лареи еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы.

Зурабишвили  Литва ахада ивизит аҵакы иазгәаҭаны, атәыла адгыларазы ҭабуп ҳәа иалҳәеит.

Қырҭтәыла ахада ишылҳәаз ала, Қырҭтәыла аполитикатә кризис аҭыҧқәҵара апроцесс аҿы Евроеидгыла аҽалагалара лабҿаба аанарҧшит Қырҭтәыла аҭышәынтәалара Евроеидгылазы аҵакы ду шамоу.

«Рыҵҳарас иҟалаз, ампыҵахалара аганахьала адеокупациа адыргақәагьы убарҭам, уи еиҳангьы, ампыҵахалатә цәаҳәаҿы апровокациақәа инагӡоит, ауаа рымҵарсра иаҿуп.  Гахелаӡе идҳәалоу афактгьы иҟоуп. Иацы Литва ахада, ихатә ҭаххарала, ампыҵахалатә цәаҳәашҟа днеит, уи иаҵанакәа рацәоуп, иара  аҭыҧантәи ауааҧсыра драцәажәеит, рҭагылазаашьа шыцәгьоу ибеит.  Абри авизит аҵакы ду амоуп, избанзар,  ҳасасцәа  аҭагылазаашьа шыцәгьоу рхала ианырбалак,  иаҳа иҳацхраар рҭаххоит», —  илҳәеит  Зурабишвили.