Саломе Зурабишвили – Иуадаҩу агеополитикатә аамҭазы лабҿаба иаабеит Қырҭтәыла ахатә партниорцәа ирықәгәыҕратәы ишыҟоу
Саломе Зурабишвили – Иуадаҩу агеополитикатә аамҭазы лабҿаба иаабеит Қырҭтәыла ахатә партниорцәа ирықәгәыҕратәы ишыҟоу

Иуадаҩу агеополитикатә аамҭазы лабҿаба иаабеит Қырҭтәыла ахатә партниорцәа ирықәгәыҕратәы ишыҟоу, — илҩит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  Twitter аҿы.

Саломе Зурабишвили  Урыстәыла – НАТО Ахеилак аилатәара ашьҭахь НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иҟаиҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит.

«Иенс Столтенберг иахьа иҟаиҵаз аҳәамҭа аҵакы ду амоуп.  Иуадаҩу агеополитикатә аамҭазы лабҿаба иаабеит Қырҭтәыла ахатә партниорцәа ирықәгәыҕратәы ишыҟоу, ҳпартниорцәа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгылара шынарыгӡо», — илҩит  Саломе Зурабишвили.

Иацы Урыстәыла-НАТО Ахеилак аилатәара мҩаҧысит. Аиҧылара ашьҭахь Алианс амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иҳәеит:  «Алианс алахәылацәа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит НАТО ашәқәа шаарту, атәыла цыҧхьаӡа  ашәарҭадара аиқәыршәаразы ахатә амҩа алхра азин амоуп».

Иара убас,  Столтенберг иазгәеиҭеит: «НАТО алахәылацәа Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи рҟынтә ахартә арбџьармчқәа алыргарц. Иарбанызаалак ҳәынҭқаррак ахьыҧшымра иадҳәаланы акомпромисс зыҟалом».