Саломе Зурабишвили  Иракли Ҕарибашвили диҧылеит
Саломе Зурабишвили  Иракли Ҕарибашвили диҧылеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили   Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили диҧылеит.

Аҧыза-министр уажәааны Орбелианиаа рхан ашҟа днеит.

Иахьа  Саломе Зурабишвили «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәеи, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаурии дырҧылеит. Аиҧылара алахәылацәа Административтә зинеилагарақәа рзакәанеидкыла иалагалатәу аҧсахрақәа ирылацәажәеит.

Ишдыру ала, аоппозициаа атәыла ахада лҟынтә иаҳәоит азакәанпроект вето ақәылҵарц.