Саломе Зурабишвили – Иахьатәи амш алахьеиқәҵаратә мшызароуп ҳәа сгәы иаанагом, избанзар, иахьатәи амш аҧеиҧш бзиа ақәгәыҕра мшуп, ҳара ахаангьы агәыҕра ҳцәымӡроуп
Саломе Зурабишвили – Иахьатәи амш алахьеиқәҵаратә мшызароуп ҳәа сгәы иаанагом, избанзар, иахьатәи амш аҧеиҧш бзиа ақәгәыҕра мшуп, ҳара ахаангьы агәыҕра ҳцәымӡроуп

Ҳара Қырҭтәыла аидҵара ҳахаанхоит, абри амш агәыҕразы иҭахаз, агәыҕра зхы ақәызҵаз ҳфырхацәа ирымшзар сҭахуп, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  Мухатгверди иҟоу аешьаратә нышәынҭраҿы нанҳәатәи аибашьра аан иҭахаз афырхацәа ҳаҭырла ргәаларшәара аан.

„Иахьа абрахь ҳааит Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара зхы ақәызҵаз афырхацәа ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәарц азыҳәан.  Дара Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи  зхы ақәызҵаз ҳфырхацәа рацәа иреиуп.  Мшаҧы 9 еиҧшҵәҟьа, иахьатәи амшгьы алахьеиқәҵаратә мшызароуп ҳәа сгәы иаанагом, избанзар, иахьатәи амш аҧеиҧш бзиа ақәгәыҕра мшуп, ҳара ахаангьы агәыҕра ҳцәымӡроуп. Сара ибзианы исгәалашәоит  Асовет Еидгыла аан, кыршықәса рыҩнуҵҟа, Қырҭтәыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара ҳшақәгәыҕуаз, усҟан зегьы ирҳәон  уи ҟалашьа змам акоуп ҳәа. Иахьагьы убасҵәҟьоуп ишыҟоу. Иахьа атәыла аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылара аҟынӡа ҳназгаша аконкреттә мҩа ҳамбозаргьы, уи иаанагом абри аҩыза мҩак иҟам ҳәа.  Абри аҩыза амҩа шыҟоу агәра ҳгозароуп, иахьатәи амшгьы агәрагара иамшзар сҭахуп. Ҳара адгылаҩцәа рацәа ҳамоуп. Жәларбжьаратәи ауаажәларра зеиҧшҟамлац ала иҳадгылоит. Мышқәак рышьҭахь Дидгори ҳгәалаҳаршәоит, уигьы аиааирақәеи аҵахарақәеи рыла ишьақәгылоу, аха, ҧхьаҟацара иаҿу  Қырҭтәыла аҭоурыхуп. Ҳтәыла аҭоурых абри ала ихыркәшам. Сара сшәеиҳабуп, аха саргьы Қырҭтәыла аидҵара збап ҳәа сгәыҕуеит, абри амш агәыҕра зхы ақәызҵаз афырхацәа ирымшзар сҭахуп“, – илҳәеит Саломе Зурабишвили.

2008 шықәсатәи Урыстәыла-Қырҭтәылатәи еибашьра инаркны  13 шықәса ҵит.