Саломе Зурабишвили – Иахьатәи алхрақәа рыла аполиаризациа аҵыхәа ҧҵәазароуп, сара адеполиаризациа сыбжьы асҭеит
Саломе Зурабишвили – Иахьатәи алхрақәа рыла аполиаризациа аҵыхәа ҧҵәазароуп, сара адеполиаризациа сыбжьы асҭеит

Иахьатәи алхрақәа рыла аполиаризациа аҵыхәа ҧҵәазароуп, сара адеполиаризациа сыбжьы асҭеит, — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили абжьыҭира ашьҭахь.

Лара лажәақәа рыла, аҭыҧантәи ахаланапхгратә органқәа рахь алхрақәа аҵакы ду рымоуп адемократиатә процесс азы.

«Абарҭ алхрақәа рыбзоурала, ауааҧсыра,  дара иахьыҟоу аҭыҧқәа рҿы азҵаарақәа зегьы зыӡбаша ауаа алырхыр рылшоит.  Абра,  абри аҭыҧаҿ,  аполиаризациа иҟамзароуп. Иахьатәи алхрақәа рыла аполиаризациа аҵыхәа ҧҵәазароуп, сара адеполиаризациа сыбжьы асҭеит», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.