Саломе Зурабишвили – Иацтәи алхрақәа раан ақырҭуа жәлар аадырҧшит дара аилаҩынтәреи, аиҿагылареи, амчылареи, аполиаризациеи акәымкәа, аҭынчреи аҭышәынтәалареи ишадгыло
Саломе Зурабишвили – Иацтәи алхрақәа раан ақырҭуа жәлар аадырҧшит дара аилаҩынтәреи, аиҿагылареи, амчылареи, аполиаризациеи акәымкәа, аҭынчреи аҭышәынтәалареи ишадгыло

Аполитикатә ҭагылазаашьа шыуадаҩугьы, иацы Қырҭтәыла аҭыҧантәи алхрақәа ҭынч, ииашоу, ишәарҭам, аконкуренттә ҭагылазаашьаҿы, крызҵазкәа аилагарақәа рыда  имҩаҧысит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит, —  илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  авидео-ааҧхьараҿы.

Лара лажәақәа рыла, алхыҩцәа активра ду аадырҧшит, уи адемократиеи аҭышәынтәалареи рахь зхы рхоу даҽа шьаҿак ауп.

«Абарҭ алхрақәа лабҿаба аадырҧшит Қырҭтәыла ауааҧсыра атәылаҿы аполитикатә ҧсҭазааара ҭынчзар шырҭаху. Аха, уезгьы, сара азгәаҭарақәак сымоуп:

Актәи, гәалсрала иазгәасҭар сҭахуп, жәларбжьаратәи анаҧшцәагьы уи иазгәарҭеит  — абарҭ алхрақәа рҿы  аҭыҧантәи ахаланапхгара  апроблемақәа ракәӡамызт ахадаратә ҵакы змаз, аҩбатәи атур аан ари азҵаара иаҳа хшыҩзышьҭра аиуп ҳәа сгәыҕуеит, избанзар, алхыҩцәа дара рҭыҧантәи аҧеиҧш ауп иалырхуа.

Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп, апартиарацәаратә система шьақәырҕәҕәоуп. Апартиа маҷқәа Сакребуло иалазаауеит, аха, дара иаҳа алшарақәа, иаҳа аресурсқәа  рыҭазар бзиан, избанзар, ҳаҧхьаҟа, апартиа маҷқәа рыла, ахҧатәи амчқәа рыла  адепориаризациа аҧыхра ҳалшоит.

Насгьы, ахҧатәи, сара атәыла ахада – ҧҳәыс лаҳасабала,  алхрақәа рҿы аҳәса иаҳа ирацәаны аҭыҧқәа рзалхзар сҭахын, ҷыдала, аҭыҧантәи алхрақәа рҿы, избанзар ҳара ибзианы иаадыруеит  аҭыҧантәи аекономикаҿы аҳәса шырацәоу, дара ринициативақәа ҵакыс ирымоу. Асиақәа рҿгьы, ақалақьқәа рхадацәа рҭыҧқәа рзы иқәгылаз акандидатцәа рыгәҭагьы  аҳәса маҷын, уи сгәы иалоуп», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.