Саломе Зурабишвили Гиорги Руруа ашьауӷа ихылхит
Саломе Зурабишвили Гиорги Руруа ашьауӷа ихылхит

Саломе Зурабишвили Гиорги Руруа ашьауӷа ихыхра азы акт лнапы аҵалҩит.

Саломе Зурабишвили ари атәы Феисбук аҿы ианылҵеит.

Саломе Зурабишвили мышқәак раԥхьа иҟалҵаз аҳәамҭа инақәыршәаны, ашьауӷа ахыхразы акт иахьа лнапы аҵалҩыр акәын. Иахьа аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа апарламент ахь инеит.

Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель идокумент рнапы аҵазҩыз аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа апарламент ахь иахьа инеит. Урҭ азакәанԥҵаратә еиҿкаарахь инеины, апленартә еилатәара рхы аладырхәарц азы, арегистрациа иахысит.