Саломе Зурабишвили Гьаргь Руруа ашьауҕа ихыхра лгәы иҭам
Саломе Зурабишвили Гьаргь Руруа ашьауҕа ихыхра лгәы иҭам

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Гьаргь Руруа ашьауҕа ихыхра лгәы иҭам.

«Хымз раҧхьа иуадаҩыз аӡбара сыдыскылеит, ажәлар рыхәҭак абри аӡбара иақәшаҳаҭымызт. Сара ҩыџьа ауааҧсыра ашьауҕа рхысхит. Дара аполитбаандаҩцәа ракәӡамызт, баша ацәгьауцәа ракәын. Ҳтәылаҿы аполитбаандаҩцәа иҟам. Сара ацәгьауцәа раҳасабала ашьауҕа рхысхит. Усҟан, атәыла аинтересқәа иазҧхьагәаҭаны,  иуадаҩӡаз аӡбара сыдыскылеит.  Даҽазнык абри аҩыза ашьаҿа аҟаҵара сгәы иҭам. Ақырҭуа жәлар Гьаргь Руруа сара саҵкыс еиҕьны дырдыруеит, ашьауҕа зиқәсымхо еилыркаауеит. Ҳара алхрақәа рымҩаҧгаразы аҽазыҟаҵара ҳалагароуп, абри ауп уажәазы зегьы реиҳа ихадоу. Адунеи зегьы идҳарбароуп атәыла адемократиатә мҩа иқәланы ҧхьаҟа ишцо. Абри ауп сусура хықәкыс иамоу, сара ари амҩа саныҵраны сыҟам», —  илҳәеит Саломе Зурабишвили.