Саломе Зурабишвили беларустәи ажурналист иаанкылара афакт дахцәажәеит
Саломе Зурабишвили беларустәи ажурналист иаанкылара афакт дахцәажәеит

Саломе Зурабишвили беларустәи ажурналист иаанкылара афакт дахцәажәеит

Қырҭтәыла ахада  Саломе Зурабишвили,  Twitter  аҿы,  авиаеилахәыра Ryanair иатәу аҳаирплан Беларус артәара афакт дахцәажәеит. Зыӡбахәы ҳәоу аҳаирплан   Афины-Вильниус ареис мҩаҧнагон.

« Ryanair аҳаирплан мчыла   Беларус артәареи ажурналист иаанкылареи иахәҭамызт. Убри ала, затәамбара ҟамло   жәларбжьаратәи анормақәа еилагоуп», — илҩит Саломе Зурабишвили.

Аоппозициатә журналист Роман Протасевич лаҵара 23 рзы Минск дааныркылеит. Иара амассатә аилаҩынтәра аиҿкаара ихарарҵоит.

Протасевич  Афинынтә  Вильниусҟа дҧыруан, аха, аҳаирплан аҿы аҧжәага иҟоуп ҳәа адырра анроу, аҳаирплан Минск артәара рықәшәеит. Протасевич уааҵәҟьа дааныркылеит.  Роман Протасевич  ихаҭа ишиҳәаз ала, аҧырранӡа аҳаирбаҕәазаҿы ишьклаҧшуан. Беларус  Роман Протасевич  15 шықәсанӡа аҭакра иқәырҵар ҟалап.