Саломе Зурабишвили  Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада дылҧылеит
Саломе Зурабишвили  Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада дылҧылеит

Австриа лофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, иахьа Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада Ҳельга Шмидт дылҧылеит.

Қырҭтәыла ахада лпресс-маҵура адыррала,  аганқәа рхҭарнакцәа Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьеи Женева имҩаҧгаз аиҿцәажәарақәеи ирылацәажәеит.

«Сара, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара ацхыраарала,  аҳәса – алидерцәа рҽалархәрала, аимакқәа рҭыҧқәҵареи, аҭынчреи, ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы Қарҭ аконференциа амҩаҧгара апроект аус адызулоит», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара иалшо зегьы ҟанаҵоит аусхкқәа зегьы рҿы аҳәса рылахәызаара аизырҳаразы, аекономикатәи афинанстәи усхкқәагьы уахь инрылаҵаны.

«Аиҧылараҿы Қырҭтәыла ахада иазгәалҭеит уажәааны Қырҭтәыла аҭыҧантәи алхрақәа шымҩаҧысыз, аха, алхрақәа рҿы, ҧасеиҧш,  аҳәса – акандидатцәа шмаҷыз», — иануп атәыла ахада лпресс-маҵзура адырраҿы.