Саломе Зурабишвили атәылауаа аконституциа амш рыдылныҳәалоит
Саломе Зурабишвили атәылауаа аконституциа амш рыдылныҳәалоит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили атәылауаа аконституциа амш рыдылныҳәалоит.

Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭала, ауаажәлар ахаҭарнак цыԥхьаӡа аконституциа хықәкқәеи апринципқәеи ихьчароуп.

“Ишәыдысныҳәалоита конституциа амш! Ари аҽны, 1995 шықәса нанҳәа 24 рзы Қырҭтәыла апарламент атәыла ашьаҭатәи закәан – Қырҭтәыла аконституциа аднакылеит, уи шьаҭас аман 1921 шықәсатәи аконституциа.

Аконституциа – амилаҭтә ақәшаҳаҭреи, акзаареи аҿареи рдокументуп.

Ҳара, ҳауаажәлар алахәыла цыԥхьаӡа аконституциа хықәкқәеи апринципқәеи ҳахьчароуп.

Сынтәа ҳтәыла актәи аконституциа 100 шықәсатәи аиубилеи азгәанаҭоит, уи иахьагьы ахатә ԥсазарақәа рыла апрогрессивтә конституциақәа иреиуоуп,” – илҩит Саломе Зурабишвили.