Саломе Зурабишвили – Аофициалтә хаҿқәак иҟарҵо аҳәамҭақәа  ажәлар рыгәҭа  аилымкаареи аибарххареи агәынамӡареи рхылҵуеит, сара уи даараӡа сгәы иалоуп
Саломе Зурабишвили – Аофициалтә хаҿқәак иҟарҵо аҳәамҭақәа  ажәлар рыгәҭа  аилымкаареи аибарххареи агәынамӡареи рхылҵуеит, сара уи даараӡа сгәы иалоуп

Атәылаҿы аҭынчра иҟазаарц азыҳәан, провокациак ҟамларцаз,  ажәа цыҧхьаӡа цқьа уазхәыцроуп,  ашьаҿа цыҧхьаӡа цқьа уазхәыцны иҟауҵароуп, — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иахьатәи абрифинг аҿы.

«Атәыла анапхгара,  ажәлар ма атәыла аҭышәынтәалара иаҧырхагахар зылшо ашәарҭарақәа зегьы иазҧхьагәаҭаны,  иахәҭоу ашьаҿақәа зегьы ҟарҵароуп,  аинформациа наӡа цәырыргароуп. Абри аҩыза аҭагылазаашьа аан аконсилиум аусура анагӡара алшара ахьрымам сгәы иалоуп. Аха,  Жәлар рыхьчаҩ линициативала,  гәыҧҩык аҳақьымцәа уажәтәи аҭагылазаашьа аобиективтә ахәшьара аҭаны,  ажәлар аинформациа рызцәырыргеит,  уи аҵакы ду амоуп,  избанзар,  аинформациа анмаҷу,  ажәлар иаҳа игәамҵуеит.  Аофициалтә хаҿқәак иҟарҵо аҳәамҭақәа  ажәлар рыгәҭа  аилымкаареи аибарххареи агәынамӡареи рхылҵуеит, сара уи даараӡа сгәы иалоуп. Атәылаҿы аҭынчреи адеполиаризациеи иҟазарц азыҳәан, апровокациеи аиҿагылареи ҟамларцаз, ажәа цыҧхьаӡа цқьа уазхәыцроуп,  ашьаҿа цыҧхьаӡа цқьа уазхәыцны иҟауҵароуп. Евроинтеграциа амҩа иану, импыҵахалоу атәыла еснагь ҷыдала иацклаҧшуеит, насгьы, еснагь ашәарҭара ҷыда ҳҭагылоуп. Убри аҟынтә, иарбанызаалак апровокациақәеи, аспекулиациақәеи, аилаҩынтәреи, зыҧшра ҟамҵакәа аҭак иаша рыҭатәуп», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.