Саломе Зурабишвили  - Акзаареи ахықәкы анагӡаразы еиқәшаҳаҭны ашьаҿақәа рыҟаҵареи ауп ақәҿиара ҳзаазго
Саломе Зурабишвили  - Акзаареи ахықәкы анагӡаразы еиқәшаҳаҭны ашьаҿақәа рыҟаҵареи ауп ақәҿиара ҳзаазго

Саломе Зурабишвили  – Акзаареи ахықәкы анагӡаразы еиқәшаҳаҭны ашьаҿақәа рыҟаҵареи ауп ақәҿиара ҳзаазго

«Атәылаҿы амилаҭтәи адемократиатәи процессқәа ирҧырхагоу шырацәоугьы, 1921 шықәсатәи Аконституциа ала иҳәаақәҵаз ахадаратә демократиатә принципқәа мап рцәаҳкратәы аӡәгьы изыҟамҵеит», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  Қырҭтәыла раҧхьатәи Аконституциа адкылара инаркны 100 шықәса аҵра инамаданы Қырҭтәыла апарламент аҿы имҩаҧысуа аныҳәатә аилатәараҿы данықәгылоз.

Зурабишвили лгәаанагарала, «ҳара аамҭа рацәа ҳцәыӡит, уажәгьы ҵыхәҧҵәарада  аиҿагылара наҳагӡоит, уи аамҭазы, акзаареи ҳаиқәшаҳаҭны иҟаҳҵо ашьаҿақәеи мацароуп ақәҿиара ҳзаазгаша».

«Сара агәра ганы сыҟоуп ахадаратә хықәкқәа рынагӡаразы ҳаидгылар, Қырҭтәыла иҕәҕәоу европатәи ҳәынҭқаррас ишыҟало  —   Қырҭтәыла раҧхьатәи аконституциа здызкылаз,  ҳазхылҵыз ауаа иззықәҧоз ҳәынҭқаррас ишыҟало.  Ҳконституциа уажәгьы аиасратә ҟазшьа амоуп,  избанзар,  ҳара,  ҳпроблема хада ҳаӡбароуп  — аҧсуааи ауаҧсааи ҳарнааланы,  Қырҭтәыла аидҵара ҳалшароуп,  ибгоу ацҳақәа еиҭашьақәыргыланы,  Аконституциа ҿыц еицааҩыроуп  — абри ауп хықәкыс иҳамоу. Абри ахырхарҭала усҟаҟ идуум,  аха асимволтә ҵакы змоу ашьаҿа ҟаҳҵахьеит  —  Қырәтәыла Аконституциа аверсиа ҿыц аҧсышәала еиҭаганы икьыҧхьуп», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.