Саломе Зурабишвили – Аҭынчрачаҧаратә миссиаҿы ҳалахәызаара хыркәшоуп, аха, ҳакзаареи ҳаигылареи хыркәшахом
Саломе Зурабишвили – Аҭынчрачаҧаратә миссиаҿы ҳалахәызаара хыркәшоуп, аха, ҳакзаареи ҳаигылареи хыркәшахом

 

Аҭынчрачаҧаратә миссиаҿы ҳалахәызаара хыркәшоуп, аха, ҳакзаареи ҳаигылареи хыркәшахом. Ақырҭуа аруаа изныкымкәа ишьақәдырҕәҕәеит  апартниор иаҳасабала ҳтәыла агәра угар шыҟало, —  илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Афганистан аҭынчрачаҧаратә миссиа ахыркәшара инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы.

Атәыла ахада аруаа ҭабуп ҳәа ралҳәеит амиссиа алахәызааразы.

Лара лажәақәа рыла,  иахьатәи ақырҭуа ар  рыҧсадгьыл аҿгьы жәларбжьаратәи амиссиақәа рҿгьы аҭынчреи ахақәиҭреи иазықәҧоит.

Саломе Зурабишвили ишазгәалҭаз ала,  Қырҭтәылагьы аҳәаанырцәгьы мраҭашәаратә хырхарҭеи, аҧеиҧш бзиеи, ахьыҧшымреи, аҭышәынтәалареи рзы ақәҧара нагӡахоит.