Саломе Самадашвили -  Адокумент анапаҵаҩра мап ацәаҳкыр, аоппозициааи мраҭашәареи реизыҟазаашьақәа ҧхасҭахоит
Саломе Самадашвили -  Адокумент анапаҵаҩра мап ацәаҳкыр, аоппозициааи мраҭашәареи реизыҟазаашьақәа ҧхасҭахоит

Саломе Самадашвили –  Адокумент анапаҵаҩра мап ацәаҳкыр, аоппозициааи мраҭашәареи реизыҟазаашьақәа ҧхасҭахоит

«Амилаҭтә ҵысра» хаҭарнак  Саломе Самадашвили лгәы ишаанаго ала,  аоппозициаа амедиаторцәа ирыдаргалаз адокумент анапаҵаҩра рҭахымхар,   аоппозициааи мраҭашәареи реизыҟазаашьақәа цәгьахоит.

«Сгәаанагара интересс измоу ауаа ирасҳәар сҭахуп. Адокумент анапаҵаҩразы мап ҳкыр, аоппозициеи мраҭашәареи реизыҟазаашьақәа ҧхасҭахоит», — илҩит Самадашвили Facebook аҿы.

«Амилаҭтә ҵысра» егьырҭ алидерцәа лара илықәшаҳаҭым. Акаки Миношвили ишиҳәаз ала,  «Амилаҭтә ҵысра» Шарль Мишель идокумент рнапы аҵарҩуам.