Саакашвили украинатәи идукат -  Украина избахьоу Михаили уажәы ахәшәтәырҭа иҭоу Михаили зынӡаскгьы еиҧшым
 Саакашвили украинатәи идукат -  Украина избахьоу Михаили уажәы ахәшәтәырҭа иҭоу Михаили зынӡаскгьы еиҧшым

«Гәаартыла ишәасҳәар сҭахуп,   Украина избахьоу Михаили уажәы ахәшәтәырҭа иҭоу Михаиил зынӡаскгьы еиҧшым», — иҳәеит Саакашвили украинатәи идукат Евгени Грушовец Гори арратә госпиталь аҿы Саакашвили даниба ашьҭахь.

Иара иажәақәа рыла, уажәтәи аетап азы Саакашвили аӡбарҭаҿы ихы изихьчап ҳәа дыҟам.

«Сара иҧсихологиатә ҭагылазаашьа ауп сызлацәажәо. Аҵыхәтәаны Украина избаз Михаил Саакашвилии иахьа ахәышәтәырҭаҿы избаз Саакавшилии ҧшрала еиҧшуп, аха, аҧсихологиатә ганахьала зынӡаскгьы еиҧшым.  Уажәы исҳәо шәгәамҧхаргьы ҟалап, аха, Саакашвили, адукатцәа шимоугьы,  аӡбарҭаҿы ишахәҭоу еиҧш ихы изихьчап ҳәа сыҟам. Иҧсихологиатә ҭагылазаашьа амшала ахыхьчара илымшар ҟалап. Амлашьра алҵшәа цәгьақәа ахылҵит, аиҭашьақәыргыларатә процесс дахысроуп. Ас еиҧш иҟоу аҭагылазаашьаҿы ауаҩы ишахәҭоу еиҧш ихы зихьчом», — иҳәеит Евгени  Грушовец.