Саакашвили ихақьым иҳәамҭала, Саакашвили аӡбаратә процесс ашҟа анеира илшоит
 Саакашвили ихақьым иҳәамҭала, Саакашвили аӡбаратә процесс ашҟа анеира илшоит

Саакашвили ихақьым Николоз Ҟиҧшиӡе иҳәамҭала, Саакашвили аӡбаратә процесс ашҟа анеира илшоит.

«Аҵыхәтәантәи аӡбара иара ихаҭа идикылароуп. Акомиссиақәа рыхҧагьы аихшьаала ҟарҵоит, Аиустициа аминистрра ари аихшьаала иазҧхьагәарҭароуп. Ишыздыруа ала, аҳәынҭқарратә комиссиа алахәылацәа ирҳәеит Саакашвили аӡбаратә процесс ашҟа анеира илшоит ҳәа. Аиҳабыреи аоппозициеи ракәымкәа, аҳақьымцәа роуп ари азҵаара зыӡбаша», — иҳәеит Николоз Ҟиҧшиӡе.

Уаҵәы Қарҭ ақалақьтә аӡбараҿы абҵара 7 аепизод азы Михаил Саакашвили иусӡбаратә процесс еиҭалагоит.