Саакашвили иҳақьым  -  Саакашвили игәалаҟазаара цәгьам, аха, аныҟәара ицәыуадаҩуп, имч маҷхеит

Михаила Саакашвили ихатә ҳақьым Николоз Ҟиҧшиӡе ишиҳәаз ала,  Саакашвили игәалаҟазаара цәгьам, аха, аныҟәара ицәыуадаҩуп, имч маҷхеит.

Ҟиҧшиӡе иҳәамҭала, уажәазы Саакашвили ахәышәтәырҭашҟа ииагара аҭахым.

«Аконсилиум аҩашанӡа еизароуп ҳәа сгәы иаанагоит. Аҳақьымцәа иҟаҳҵаша рҳәароуп», — иҳәеит Николоз Ҟиҧшиӡе абахҭаҿ Саакашвили даниба ашьҭахь.

Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа анализ азуразы,  аҳақьымцәа ргәыҧ еиҿкаауп.