Русҭавели имҩаду аҿы  "Апатриотцәа ралианс" акциа мҩаҧысит
Русҭавели имҩаду аҿы  "Апатриотцәа ралианс" акциа мҩаҧысит

Русҭавели имҩаду аҿы  “Апатриотцәа ралианс” акциа мҩаҧысит. Акциа девизс иаман: «Сара ауахәама сыхьчоит», «Сара Апатриарх дсыхьчоит».

Апартиа алидерцәа ишырҳәаз ала, аҵыхәтәантәи аамҭазы ауахәама ацәахыхратә аҳәамҭақәа ҟаҵоуп.

Акциа алахәылацәа ауахәама аҳаҭыр аларҟәра аҟәыҵреи жәлар рыхьчаҩ Нино Ломџьариа ламхреи иаҳәоит.

«Ҳара аргама ааҳацҳар ҳҭахуп   «Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгара  «Ҭбилиси праид» амҩаҧгара ишацхраауа. Дара ақырҭуа жәлар ринтересқәа ракәымкәа, «Ҭбилиси праида» амҩаҧгара ауп изызҿлымҳау. Ҳара абри апроцесс аанкылара ҳаҳәоит. Ауахәама иаҿагылоу ақәҧараҿы ҳара ауахәама ҳадгылоит, ҳпатриарх ҳидгылоит», — илҳәеит Ирма Инашвили.